Ашықәс ҿыц- ақьиара иаамҭоуп. Абри девизс ишьҭыхны есышықәса еиҧш, сынтәагьы ашықәс ҿыц аламҭалаз амобилтә еимадара А- мобаил имҩаҧнагеит иакымкәа агәыҳалалратә акциақәа. Урҭ рзырхоуп акультура-гәыҳалалратә фонд Ашанеи, агәыҳалаларатә еиҿкаара Кьарази хылаҧшра зырҭо ахәыҷқәа.