Ари амш аҳаҭыр азы имҩаҧган агәырҕьаратә еилатәара. Уи далахәын Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа.Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит, амаҵзура аусзуҩцәа русура ашәарҭара шацу, агәымшәареи апрофессионализм ҳараки шаҭаху, есымшааира адыррақәа шеизырҳалатәу . Иара убас, иазгәеиҭеит, Аҳәынҭқарратә амаҵзура ҷыда атәыла асуверинетет ахьчареи амилаҭтә интересқәа ршәарҭадара аҧҵареи ишрызку . Амаҵзура ҷыда аилатәара аҿынтә Фатима Гьергьиаҧҳа ланҵамҭа.