Абар хы-шықәсоуп «Аҧсны адиабеттә еилазаара» аҧшьгарала, ашьақар чымазара змоу ахәыҷқәеи аҭаацәеи адиабеттә лагер «Аҧсны» рзеиҿкаауижьҭеи. Уи хықәкыс иамоуп, ачымазара зцәа иалоу рҭаацәарақәа реигәныҩра, рҧышәа аимдара. Сынтәа ари апроект анагӡаразы ацхыраара ҟарҵеит Аҧсны атуризм аминистрреи асасаирҭа «Аиҭар» ахаҭарнакцәеи.