Иахеижьҭеи Аҧсны амчратә структурақәа Гәылрыҧшь араион Азанҭа ақыҭан изҿу аҧшаарақәа иахьагьы ирыцырҵоит. «Адиверсиатә гәыҧ ҳҳәаақәа ирхысит ҳәа аларҵәара змаз аинформациа шьақәзырҕәҕәаша ашьҭақәа ҳамбаӡеит»,- иҳәеит Аҧсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут . Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба инапхгарала еиҿкааз аҧшаарақәа ирылахәын Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут, аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура аиҳабы Дмитри Дбар , атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыҧуаҩ Беслан Ҵәыџьба , Аҳәынҭқарратә ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы Ҭемыр Ахьиба . Аҧшаарақәа ахьцоз аҭыҧ ашҟа убасгьы ихалеит Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба , амилаҭтә шәарҭадареи атәылахьчареи рзы апарламенттә еилакы ахантәаҩы Ҭемыр Шергьелиа .