Аҧсуаҵас иааӡоу, аҧсуара ныҟәызго, алеишәа иқәныҟәо, аҵарауаҩ , Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Оҭар Платон иҧа Ӡиӡариа хынҩажәи жәаба шықәса ихыҵит. Аиубилиар имшныҳәа идырныҳәалеит Аҧсны аҳәынҭқарратә университет аҿы.