Аслан Бжьаниа ицын атәыла ахада иусбарҭа аиҳабы Абессалом Кәарҷиеи, аҳҭны қалақь ахада Беслан Ешбеи. Атәыла ахада игәеиҭеит амҩадуқәа реиҭашьақәыргылара шымҩаҧысуа. Дыҟан Тарас Шамба ихьӡ зху апарк аҿы. Убасгьы Аҟәатәи ашьхеи, адәыҕба аанҿасырҭа астанциеи, аҳабла ҿыци рҟны. Аҟәа ахаҿра аҽшаҧсахуа ҳкорреспондентцәа ранҵамҭаҿы.