Жьҭаарамза 30 рзы Аҧсны иазгәарҭоит Аҭҵаарадырра амш. Уи инамаданы, имҩаҧысит аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҵарауаа рзеиҧш еизара. Уаҟа академиа апрезидентс деиҭалхын Зураб Џьопуа. Аҵарауаа реизара рхы аладархәит Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынбеи Ахада иусбарҭа аиҳабы Абессалом Кәарҷиеи.