Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра 
Абхазская Государственная Телерадиокомпания

Abhazya Devlet Televizyon ve Radyo Kurumu 
Executive Board of Abkhazian State Television and Radio Broadcasting Company.

Aҩаша, 24 Жьҭаара 2023 05:43

Лев Кәыҵниа далацәажәеит Урыстәыла арегион ҿыцқәа ҧшьбеи ҳтәылеи русеицура шибо атәы

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа иусҧҟала, аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа дҟаҵоуп Урыстәылатәи арегионқәа Донецктәии, Лугансктәии ареспубликақәеи, Херсонтәии Запорожтәии аобластқәеи рҟны атәыла ахада ихаҭарнак ҷыдас. Ажурналистцәа рзы аминистр имҩаҧигаз апресс-конференциаҿы дазааҭгылеит ҳаҧхьаҟа арҭ арегион ҿыцқәеи, Аҧсныи реизыҟазаашьа аҿиара дшахәаҧшуа атәы. Иара убасгьы ашықәс нҵәаанӡа агәманитартә цхыраара шдәықәҵахо атәы иҳәеит.

Media