Тоннаки ҩышә литреи абылтәы мышкы. Абри аҟара аҭахуп Аҟәантәи Галҟа агәам-сам агара. Уахь иргаанӡа аҳҭнықалақь иалырго агәам аҳабла ҿыц амашьынақәа рпарк аҿы еизыргон. Ари ауадаҩрақәа рацәаны иацуп . Урҭ арбанқәоу, насгьы Аҟәа ақалақь ахадара ӡбашьас иарҭоу ҳкорреспондентцәа ранҵамҭаҿ .