Аҧсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистрреи, Ахәыҷы изинқәа рзы Азинмчра змоу аусбарҭеи, урҭ рпартниорцәа ИУНИСЕФи ацхыраарала апатронаттә ҭаацәарақәа рзы амаҵзура аусура иалагоит . Иахьазы уи апрограмма иақәшәо, агәазыҳәара змоу аҭаацәарақәа раалкара иаҿуп. Апатронатә ҭаацәара – уи хылаҧшрада иаанхаз ахәыҷы аамҭала ибаразы дызго ҭаацәароуп. Ҳтелехәаҧшцәа, ус еиҧш иҟоу ахәыҷқәа аҭаацәаратә ҧхарреи абзиабареи рыцеиҩышәшарц шәҭаххозар, иарбан шьаҿоу иҟаҵатәу анаҩстәи ҳанҵамҭаҿы