Хынҩажәа шықәса инарзынаҧшуа Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҳәаанырцәтәи алитературеи ркафедра аҟны алекциақәа дрыҧхьоит Алықьса Луман-иҧа Ҧаҧасқьыр. Иара ақәра ду шниҵахьоугьы, дарҕьажәҩаны дрывагылоуп иколлектив .Жьҭаара жәаба рзы ауниверситет аҿы аҭоурыхҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Алықьса Папасқьыр ҧшьынҩажәи жәохә шықәса ихыҵра азгәарҭеит . Иира амш аҽынгьы аиубилиар иусутә ҭыҧ аҿы дыҟан .