Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы есыҽны аӡәаӡәа анышьҭарымҵо ыҟаӡам . Ари аҭагылазаашьа аанкыларазы аҳақьымцәа ирбо мҩак ауп – ахәыҷқәа ианаамҭоу алаҵақәа рзыҟаҵара . Аха, рыцҳарас иҟалаз, урҭ ирықәныҟәоу аҭаацәа ҳреспублика зегь аҿы ҩажәи жәаба процент иреиҳаӡам . Аҭагылазаашьа ҭырҵаауан ҳкорреспондентцәа .