Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба ихантәаҩрала Аиааиреи ахьыҧшымреи ҩажәи жәаба шықәса ахыҵреи, ахьыҧшымра азхаҵара жәохә шықәса ахыҵреи разгәаҭара иазкыз аҳәынҭқарратә комиссиа аилатәара мҩаҧысит. Акомиссиа алахәылацәа аныҳәақәа рымҩаҧысшьа азы аихшьаала ҟарҵеит.