Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра 
Абхазская Государственная Телерадиокомпания

Abhazya Devlet Televizyon ve Radyo Kurumu 
Executive Board of Abkhazian State Television and Radio Broadcasting Company.

Aҩаша, 03 Жьҭаара 2023 08:50

Амш ахҭыс. Шамбатәи аҧхьарақәа

Раҧхьатәи Шамбатәи аҧхьарақәа мҩаҧысит Аҧсуа ҳәынҭқарратә университет аҿы. «Амилаҭтә зинтә системақәеи ҳаамҭазтәи адунеитә еиҿкаашьеи» ҳәа хыс измаз Жәларбжьаратәи анаука-практикатә конференциа мҩаҧган Аҧсни Урыстәылеи руаажәларра-политикатә усзуҩ, азиндырратә ҭҵаарақәа рдоктор, апрофессор Тарас Шамба 85 шықәса ихыҵра инамаданы.Аусмҩаҧгатә еиҿкаан Аҧсуа ҳәынҭқарратә университети Аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи, Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресси, Урыстәылатәи Кавказ жәларқәа рконгресси, Аҧсуа-москватәи адиаспореи рыбзоурала.

Media