1000 -ҩык инареиҳаны аруаа , 120 инарзынаҧшуа атехника ҷыда Ахақәиҭра ашҭа иқәсраны иҟоуп Аиааира амш аҽны. Апарад иалахәуп иара убас авиациагьы . Атәылахьчара аминистрра аныҳәатә парад иахьынӡазыхиоу гәаиҭон Аҧсны Ахада, арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ хада Аслан Бжьаниа.