Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра 
Абхазская Государственная Телерадиокомпания

Abhazya Devlet Televizyon ve Radyo Kurumu 
Executive Board of Abkhazian State Television and Radio Broadcasting Company.

Aхаша, 27 Цәыббра 2023 12:19

Леонид Ҧкьыни Арсен Ефендиеви Аҟәа, Ахьӡ-Аҧша апарк аҿы анышә иамардеит

Ҩыџьа аҵеицәа рыҧсқәа ҭынчхеит . Аҧсны Афырхаҵа Леонид Ҧкьыни агәымшәараз амедал занашьоу Арсен Ефендиеви Аҟәа Ахьӡ-Аҧша апарк аҿы анышә иамардеит. Аибашьцәа рҩыџьагьы иахьа уажәраанӡа хабарда ибжьаӡны иҟоу ирхыҧхьаӡалан. Ҩажәи жәаба шықәса рнаҩс дара рхаҭарақәа шьақәыргылан аиҳабыра рҿы иаҧҵоу хабарда ибжьаӡыз рыҧшаараз акомиссиеи Аџьар ҟаҧшь жәларбжьаратәи аилаки русеицура иабзоураны.

 

Media