«Амшын аҧшаҳәаҿтәи анеиааира» . Абас ахьӡуп Иван Папасқьыр ихьӡ зху амилаҭтә библиотекаҿы имҩаҧысыз есышықәсатәи жәларбжьаратәи арт-фестиваль . Сынтәа уи азкын аиубилеитә рыцхәқәа –аиааира амши Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵареи. Афестиваль ахықәкқәеи , амҩаҧысшьеи шәзеиҭалҳәоит Шьазина Ханагәуаҧҳа.