Ҷыдала уи рызкын аибашьраан иҭахаз ахәыҷқәа. Урҭ ргәалашәара аҳаҭыр азы ажәҩан ахь ишьҭын аҳәыҳәқәа . Аусмҩаҧгатә еицаҧшьыргеит Аҟәатәи алицеи-интернати, Аҧсны аҵара аминистрреи, аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакыи. Ахәылҧаз ахь инаҧхьан Аҧсны аҵара аминистрра, ҳтәыла анацәа рхеилак, Аҧсны хатәгәаҧхарала еибашьуаз уҳәа рхаҭарнакцәа.