Асахьа аныҟала ажәагьы ҟалоит . Акамера иҭнахыз ҭоурыхуп . «Аибашьра ашықәсҩыра» абас ахьӡуп ажурналист, апрофессор Екатерина Бебиаҧҳа лархивтә нҵамҭақәа ирылхны аиааира 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы еиҿкаахо афотосахьақәа рцәыргақәҵа . Апроект адгылара анаҭеит амобилтә еимадара А-Мобаил. Цәыббра ҩажәи быжьба инаркны Аҟәа ақалақь аҿы еиҧш Очамчыра ақалақь аҿгьы ицәыргахоит еизгоу архивтә фотоқәа. Ацәыргақәҵа аиҿкаара зыбзоурахаз Фатима Гьергьиаҧҳа ланҵамҭаҿ.