Уи алахәылацәас иҟан Ҟабарда-Балкариеи, Ҟарачы-Черкески, Адыгатәылеи, Аҧсныи рҟынтәи ажурналистцәа, апоетцәа, алитераторцәа. Алитературатә фестиваль мҩаҧган Аҧсны акультура ацхыраарала. Аҧсны афырхаҵа, аинрал-леитенант иҧшәма ҧҳәыс Лиубов Сосналиевеи, Ҟабарда-Балкариатәи ауаажәларратә усзуҩ, ашәҟәыҩҩы, ажурналист, Зарина Кануковеи иҟарҵаз аҧшьгарала. Афестиваль аҽашеит ҩ-хәҭакны. Актәи амш азы аартра мҩаҧган аҧсуа драматә театр афоие аҿы, аҩбатәи амш аан апроект алахәылацәа халеит аӡиа Риҵа ашҟа, аҭыҧан ирыҧхьеит ажәеинраалақәа. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.