Цәыббра жәаф рзы ҩажәи жәаба шықәса ҵит лара Очамчыра авокзал аҿы лыҧсы шҭаз дрыблиижьҭеи. Аҧсуаа ирыланхоз ақырҭқәа абри аҩыза агыгшәыгра аадырҧшит ҳаибашьцәа ажәыларахь иандәықәла актәи амш азы. Цаца Казанба дыргәаладыршәарц , ухаҿы иузаамго ахҭыс ахьыҟалаз аҭыҧахь инеит араион ахадара, Цаца лыуацәа лҭынхацәа, ауаажәларра, ашколхәыҷқәа.