Лыҧсҭазаара далҵит ҳтәыла аибашьра ашықәсқәа раан Аҧсны афинансқәа рминистрра аиҳабы лхаҭыҧуаҩыс иҟаз, зхыи-зыҧсыи, здыррақәеи зыуаажәлар ирымыздоз Светлана Џьгәыз-иҧҳа Ҵәыџьҧҳа. Аҧсны азы аџьабаа ду збахьаз Светлана Ҵәыџьҧҳа лыҧсҭазаара алҵра гәалсра дула ирыдыркылеит акыр шықәсқәа аус луцзухьаз лҩызцәа.