Бызҧҭатәи афымцаеихшараҭатә станциаҿы аинвестициатә прогорамма аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧган аиҭашьақәыргыларатә усурақәа. Араҟа иҧсахын зегьы, афымцацәаҳәақәа, ашьаҟақәа. Иқәдыргылараны иҟоуп зымчхара ҳараку атрансформатор ҿыцқәа ҩба, руакы ықәдыргылахьеит, аҩбатәи аусура иаздырхиоит . Иҳәатәуп, иара убасгьы афымцанхамҩа аҭагылазаашьа аиҕьтәразы атәыла анапхгара рыбзоурала Гагра араион Алаҳаӡытәи афымцаеихшарҭатә станциа аҿы атрансформатор ҿыцқәа шықәдыргылахьоу.