Арҭ амшқәа рзы еиҭаҵуа атехнопрак апрограмма инақәыршәаны, арҵаҩцәа имҩаҧыргоит амастер-классқәа. Ахәбатәи инаркны ажәеизатәи аклассқәа рҿы аҵара зҵо алекциақәа ирзыӡырҩит. Ас еиҧш иҟоу аиҧыларақәа еиҿкаахоит Аҟәа ақалақь, Гагреи Галыи рраионқәа рҿы. Иааидкыланы алекциақәа ирзыӡырҩраны иҟоуп зқьи хәышә-ҩык аҵаҩцәа инарзынаҧшуа. Инарҭбааны ажәабжь еиҭалҳәоит Фатима Гьергьиаҧҳа.