Ари арыцхә ихьаа дууп 30 шықәса раҧхьа хабарда ибжьаӡыз иахьа уажәраанӡагьы анышә иахьамадо ззымдыруа рҭаацәарақәа рзы . Ибжьаӡыз 200 –ҩык рҟынтә , рхаҭара шьақәыргылоуп 44-ҩык. 2010 шықәса раахыс иахьанӡагьы аҧшаарақәа мҩаҧыргоит. Агәаларашәара амш аҳаҭыр азы Аҟәа Ахьӡ-аҧша апарк аҿы ишьҭаҵан ашәҭ шьыҵәрақәа.