Гәымысҭа ишьақәыргылоу ҳаибашьцәа гәымшәақәа рмемориалтә ҕәы ханарҭәааит даҽа фырхаҵак ихьӡ. Аиааира амш аламҭалаз иаадыртит хәажәкыратәи ажәылара аан иҭахаз, Аҧсны афырхаҵа Русланбеи Кәыҵниа ибаҟа . Нанҳәамза ҩажәи ҧшьба рзы, иара хынҩажәа шықәса ихыҵуазааран. Абаҟа аартра иалахәын аибашьра аветеранцәа, афырхаҵа иҭынхацәа. Атема иацылҵоит Шьазина Ханагәуаҧҳа.