Ешыра ақыҭан, Шыцкәара аҳаблахь уназго амҩа аҟаҵара азҵаара ықәгылоижьҭеи акрааҵуеит. Мышқәак раҧхьа аҳабла уахьналало амҩаду аҿы Аҧыза аминистр Александр Анқәаби Ешыра ақыҭа ауааҧсыреи еиҧылеит. Ауаа рыпроблема изеиҭарҳәеит. Атема ҭырҵаауан ҳкорреспондентцәа .