Аиааира амш 30- шықәса ахыҵра дзаҧымлеит аибашьра аветеранцәа даҽаӡәы. Иҧсҭазаара далҵит «Агәымшәаразы» амедал занашьаз Роберт Жьиба. Ҕәадатәи арҧыс аибашьра ианалага, иҩызцәа дрывагыланы иҧсадгьыл ихьчон. Аҵыхәтәантәи аамҭазы аус иуан ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра Галтәи аинспекциа аиҳабыс.