Ҭырқәтәылантә, Иорданиантә,Ливиантә,иара убас Нхыҵ- Кавказынтә,Аҧсны иаҭааит жәаҩа –жәаф шықәса рҟынӡа зхыҵуа арҧарцәеи аҭыҧҳацәеи. Урҭ рыбжьара имаҷҩым раҧхьаӡа акәны Аҧсныҟа иааз. Ахәыҷқәа рҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь раагара ҟалеит Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы апроект «Ахьышьҭрахь» аҳәаақәа ирҭагӡаны. Аделегациа иалаз дрыҿцәажәеит Фатима Гьергьиаҧҳа.