Очамчыра араион ақыҭақәа Аҭареи Аракьаҽи рыбжьаратә школқәа рҟны имҩаҧысуа акапиталтә ремонт ахыркәшарахь инеиуеит. Иара убасгьы , ашкол ахыб рыҧсахуеит Кындыҕ ақыҭа. Аусурақәа рымҩаҧысшьа гәарҭеит аҵара аминистр Инал Габлиеи, Очамчыра араион ахада Беслан Бигәааи. Ҿыц еиҭашьақәыргылоу ашколқәа русура хацдыркуеит цәыббрамза аказы.