Ареспубликатә унитартә наплакы «Амшынеиқәафымцамч» Очамчыра араион иахьаҵанакуа зымчхара ҳараку афымца цәаҳәақәа ррыцқьаразы мҽхакы ҭбаала аусурақәа мҩаҧыргоит. Иара убасгьы, ақалақь аҩныҵҟа ирыҧсахуеит х-километраки бжаки рҟынӡа жәа нызықь вольт зымчхара ыҟоу афымца цәаҳәақәа.