Мчыбжьык ҵуеит Гәылрыҧшь араион Кацикыҭ иҟоу Анцәа иан лқәыршә ауахәама ахыбра аҧсахра иаҿуижьҭеи. Уаанӡа иақәыз ахыб ҧхасҭахахьан, уи иахҟьаны ауахәама ақәа анауаз аӡы ҩналон, аныхачаҧақәа аҧхасҭа рнаҭон. Ауахәамаҿ усурақәа рымҩаҧгара алыршоуп Гәылрыҧшь араион ахадара ацхыраарала.Аҧшьаҭыҧ аҭоурыхи, арҽеиратә усурақәа рымҩаҧысшьеи Шьазина Ханагәуаҧҳа ланҵамҭаҿ.