Аҳауа зҩыда, амшын цқьа, аҧсабара шьахә. Арҭқәа зегь зеиҧш ыҟам ҧсшьараны изыҧхьаӡо Аҧсны иаҭаауеит. Ҳтәыла аҿы рыҧсшьара аамҭа рхыргарц азы еиуеиҧшым аҳәынҭқаррақәа рҟынтәи иаауеит имаҷҩымкәа аҧсшьаҩцәа. Еиҳараӡакгьы Урыстәылантәи. Аҳҭнықалақь аҿы асасцәа аамҭа шырхырго, амшын аҟәара аҭагылазаашьа зеиҧшроу еилыркаауан ҳкорреспондентцәа.