Адепутатцәа аналацәажәа анаҩс, Аҧсныи Урыстәылеи рсоциалтәи, рекономикатәи усеицуразы аиқәышаҳаҭрақәа ҩба рыпротоколқәа аратификациа рзуразы ақәҵарақәа рыдыркылеит. Иара убасгьы , апарламент ааҧхьара ҟанаҵеит лаҵарамза ҩажәи жәаба рҽны Аҟәа, аполитикатә партиақәеи, ауаажәларратә еиҿкаарақәеи жәпакы имҩаҧыргараны иҟоу амитинг инамаданы.