Аҧсны ахада Аслан Бжьаниа идҵа инақәыршәаны , ареспубликатә мҩаду хада Ҧсоу- Аҟәа инеиҧынкыланы арлашаразы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирҿуп. Ирыҧсахуеит аҧхасҭа зауз ашьаҟақәеи, зыҿҳәара нҵәаны иблыз аплафонқәеи. Арҭ аусурақәа хыркәшазароуп цәыббрамза ҩажәи жәабанӡа. Атема иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.