Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра 
Абхазская Государственная Телерадиокомпания

Abhazya Devlet Televizyon ve Radyo Kurumu 
Executive Board of Abkhazian State Television and Radio Broadcasting Company.

Aшәахьа, 22 Лаҵара 2023 20:51

Ҭырқәтәыла, Амшын Еиқәа ахықәан иаадыртит амҳаџьырқәа рхылҵшьҭра Елиф Қьецба лбаҟа

Лаҵарамза 21 азы,Ҭырқәтәыла амшын Еиқәа ахықәан иаадыртит амҳаџьырқәа рхылҵшьҭра Елиф Қьецба лбаҟа . Уи авторс дамоуп Џьеихун Кунак. Ари аҭыҧ аҟны ауп зқьи аашәи хынҩажәи жәибыжь шықәса рзы Аҧснынтәи ихдырҵәаз аҧсуа мҳаџьырқәа ахьыӡхыҵыз. Уажәы , уи аҭыҧ Қьефкен ҳәа иашьҭоуп. Есышықәса лаҵарамза ҩажәиак рҽны, аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа ашәҭқәа амшын ихырҵоит, имҩаҧыргоит аиҧыларақәа, аҿар рабдуцәа рҭоурых рдыруазарц азы.

Media