Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аҟны игаз аиааира ҩажәи жәаба шықәса ахыҵреи, ареспублика Ахьыҧшымра азхарҵеижьҭеи жәохә шықәса аҵреи раҳаҭыр азы аҵара аминистрра «Аҧсны афырхаҵаратә мҩа» захьӡу аус еиҿнакааит. Уи иалахәын ақалақьқәеи араионқәеи рҟнытә аҵаҩцәа. Ирзааҭгылон аибашьреи афырхацәеи рҭоурыхқәа, ирыҧхьон аибашьра аҟынтәи асалам шәҟәқәа.