Владислав Арӡынба инысымҩа аазырҧшуа афото цәыргақәҵеи, «Аҧсны Арӡынба Ахақәиҭра» захьӡу ашәҟәыи рӡыргара мҩаҧысит Аҟәа, Ацәыргақәҵатә зал хада аҟны. Аусмҩаҧгатә иалахәын аҵарауаа, ажурналистцәа, ауаажәларра, жәлар реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба.