Очамчыра араион Гәыҧ ақыҭа инхо Какәбаа рҭаацәара ааигәа ҳредакциа иадҵаалеит. Дара зыргәамҵуа ак акәхеит, рыҩны ахьықәгыло адгьыл аҳәазара иахьалагаз. Уи иахҟьаны , Гәыҧи Арасаӡыхьи еимаздо амҩаду ахәҭак аҿыбгеит. Уажәы аҭагылазаашьа зеиҧшроу еилыркаауан ҳкорреспондентцәа. Ажәабжь иацылҵоит Фатима Гьергьиаҧҳа.