Уи азгәаҭара хацыркын Аҟәа Ахьӡ-аҧша апарк аҿы ашәҭқәа рышьҭаҵарала. Анаҩс, имҩаҧган аныҳәа иазкыз аилатәара. Уи аҟны аусураҿы зҽалызкааз амаҵзура ахаҭарнакцәа џьоукы чынла ишьҭыхын, егьырҭ иранашьан аҳаҭыртә шәҟәқәа. Ажәабжь иацылҵоит Фатима Гьергьиаҧҳа.