Ахьӡ акамыршәра! Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә Университет аҿы ауаажәларра-политикатә усзуҩы, аҵарауаҩ, Кавказ ажәларқәа Рконфедерациа Ахада, Аҧсны Афырхаҵа Муса Магомед-иҧа Шанибов ихьӡ зху аудиториа аартуп. Иара азиндырра афакультет, аполитологиеи асоциологиеи ркафедра иаҵанакуеит. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.