* Aхәаша, 23 Жәабран 2024
«Иареи Лареи» - абас ахьӡуп Д. Гәлиа ишәҟәы «Арҧызбеи Аҧҳәызбеи» амотив ала иқәыргылахо аспектакль
Иара ахәаҧшцәа рзы аус адырулоит Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынқарратә драматә театр асценаҿы. Ақәыргыламҭа апремиера ҟалоит жәабран ҩажәи фбеи - ҩажәи быжьбеи рзы. Аусумҭа режиссиор-қәыргылаҩыс дамоуп Мадина Аргәынҧҳа.
Д. Гәлиа игәалашәара аҳаҭыр азы, Аҟәатәи 1-тәи абжьаратә школ аҿы имҩаҧган иаарту аурок
Дырмит Гәлиа игәалашәара аҳаҭыр азы, Баграт Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи актәи абжьаратә ашкол аҿы имҩаҧган иаарту аурок. Жәлар рышәҟәыҩҩ дызнысыз иҭоурых иазааҭгылон ахҧатәи акласс аҵаҩцәа. Шәахәаҧш ҳанҵамҭа
Иахьа иҧсы ҭаны иуаажәлар дрылагылазҭгьы, 75 ш. ихыҵуазаарын Аҧсны Афырхаҵа Валери Бабахь- иҧа Агрба
Аибашьҩы гәымшәа анышә дахьамадоу аҭыҧ аҿы Кәтолаа рымчала иалыршоуп аҳәынҭқарратә бираҟ ахшьра, имҩаҧган алахьеиқәҵаратә усмҩаҧгатә.
Аҧсны асоциалтә-економикатә ҭҵаарақәа рцентр имҩаҧнагеит астол гьежь
Аҧсны асоциалтә-економикатә ҭҵаарақәа рцентр имҩаҧнагеит астол гьежь «Урыстәылеи Аҧсныи рыбжьара ашәарҭадареи аҿиареи - иааигәахо Урыстәыла Ахада иалхрақәа рыламҭалаз» ҳәа хыс измаз. Араҟа тема хаданы иқәгылан, Аҧсныи Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа, Урыстәыла ахада иалхрақәа рҵакы. Аилатәарахь ааҧхьара рыман Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа, Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба, Аҧсны Ашәарҭадартә Хеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.