* Aхаша, 21 Жәабран 2024
Аҟәа, аҩбатәи аҧшьбатәи ашколқәа рҿы имҩаҧган Дырмит Гәлиа ирҿиаратә мҩа иазкыз ахәылҧаз
Аҧсуа сахьаракыратә литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра аҳаҭыразы Аҧсны ашколқәа рҿы еиуеиҧшым аусмҩаҧгатәқәа еиҿыркаауеит. Убас, аҳҭнықалақь аҩбатәи аҧшьбатәи ашколқәа рҿы имҩаҧган Дырмит Гәлиа ирҿиаратә мҩа иазкыз ахәылҧаз. Шәахәаҧш ҳанҵамҭа .
Ирҭәоу ахәша «Белорусское луговое» Аҧсны аҳәаа ахгареи араҟа аҭииреи азин ыҟаӡам
Ауаҩы игәабзиара иаҧырхагоу ирҭәоу ахәша «Белорусское луговое» Аҧсны аҳәаа ахгареи араҟа аҭииреи азин ыҟаӡам. Иара Белгород зҭакҧхықәра ҳәаақәҵоу аилазаара «Чемпион» иҭнажьуеит. Аҧсны аминистрцәа реилазаара ақәҵара аднакылеит, ари ахәша мап ацәкызарц. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.
АТ аҟны имҩаҧысит Дырмит Гәлиа ихаҭареи иҟазареи рыхцәажәареи иажәеинраалақәа рыҧхьареи
Шә – уск знапы рылакыз , калам ҧынҵала зыжәлар рҿахәы зҳәаз арккаҩы , аҧсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа ихаҭара , иҩымҭақәа рыхцәажәара, анализ рзура - абри иазыркит аҧсуа телехәаҧшра ажурналистцәа гәыҧҩык ашьыжьтәи реилатәара. Дасу ихазы иаликааз , ихы ишаирхәо , хәшьарас иаиҭо уҳәа агәаанарақәа еиҧшымызт. Ажәабжь иацылҵоит Наала Чхьынџьериаҧҳа .