Адырраҭарақəа

Амчыбжь 25.08.2024

00:13 Амҩаҧгаҩ: Сима Аргәынҧҳа

01:45 Амчыбжь шышақәгылаз. Ахҭыс хадақәа рыхҳәаа ааркьаҿны.

03:36 Кавказ Ашьхарыуаа жәларқәа кронфедерациа ассамблеиа раҧхьатәи аилатәара мҩаҧысит нанҳәамза ҩажәи хәба-ҩажәи фба рзы. Уи иаҧхьанеиуаз ахҭысқәеи, уи ашьҭахь иҟалази ртәы ҳазааҭыглоит ҳдырраҭараҿы.

04:30 Ари арыцхә ҳҭоурых аҿы ахатә ҭыҧ ааннакылоит. Ари амш аҽны ҧшьынҩажәи жәаба шықәса рзы «Аҧсны АССР аҳәынҭқарратә суверенитет азы» адекларациа рыдыркылеит Иреиҳаӡоу Асовет адепутатцәа.

05:27 Аҳәынҭқарра хәыҷы агеополитика ду аҿы. Адунеитә хынҭа-ҩынҭарақәа ҳрыламӡыкәан, ҳмилаҭҭтә интересқәа рыхьчаразы иҟаҵатәу Рауль Лолуа иҿцәажәараҿы.

09:14 «Зариа». Ҭҟәарчалтәи азауад аҿы аҳәынҭқарратә орденқәеи амедалқәеи ҭрыжьуеит. Аха уи иҵегьы нап адкылазар, аперспектива змоу апроектқәа аҧсҭазаара иаладырҵәар алшоит. Уи атәы ҳанҵамҭақәа руак аҿы.

17:13 Атуристтә обиектқәа рҿы ирҭиуа аалыҵ ахаҭабзиареи уи аҵәахышьа анормақәеи реилагара ҳтәыла ахыҧша анырра анаҭоит. Урҭ аилагарақәа раҧырҟәҟәааразы имҩаҧырго агәаҭарақәа дырзааҭгылеит Астандартқәеи, ахархәареи, атехникатә хылаҧшреи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы ахархәаратә ҟәша аспециалист хада Мадина Гындиаҧҳа.

24:44 Еицырдыруа атанк аекипаж «Тигр» алахәылацәа руаӡәк, Аҧсны афырхаҵа Хвича Кьышьмариа имшиироуп нанҳәамза ҩажәи хәба.

25:08 Арацәаҵхыҩцәа рымш азгәарҭоит нанҳәамза ахҧатәи амҽышазы.

 

Media

Иҵегь ари акатегориаҟны « Амчыбжь 04.08.2024 Амчыбжь 01.09.2024 »