Адырраҭарақəа

Амчыбжь 21.05.2023

Иахьатәи аҭыжьымҭаҿы: 00:15 Амҩаҧгаҩ Асмаҭ Гәниа 01:15 Амҳаџьырра амш.Ҳџьынџьуаа ахьыӡхыҵыз Қьефқьен аҧшаҳәаҿы абаҟа шьақәыргылоуп. Ҳтәылаҿы имҩаҧысит агәалашәаратә усмҩаҧгатәқәа. 03:20 Амҳаџьырқәа ргәаларшәара амш аҽны Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аусмҩаҧгатәқәа жәпакы еиҿнакааит.Аҟәа аангыларҭа «Гәыма» аҟны иаартын асахьаҭыхҩы Баҭал Џьопуа ицәыргақәҵа. Иара уаҟа Асланбеи Мирзоеви, Виачеслав Чрыгбеи имҩаҧыргеит алекториум. Уаҟа ирзааҭгылеит амҳаџьырра аҭоурыхи аетапқәеи ртәы. 11:00 Иҳаҩсыз ахҭыс хадақәа ааркьаҿны даҽазныкгьы ишәҳардыруеит. 15:30 Адунеи зегьы аҟны аҵаратә системаҿы акыр ахархәара змоу атесттә гәаҭара аҧсуа бызшәазы имҩаҧган ҳтәыла ашколқәа рзы ҳазҭоу амчыбжьазы.Урҭ рымҩасшьеи ицәырнагаз азҵаарақәеи рҭак ҟалҵеит аҵареи аминистр ихаҭыҧуаҩ Ада Кәарҷелиаҧҳа. 30:30 «Анхаҩ бзиа дубар дудырып» , рҳәоит аҧсуаа,ауаҩы иаарыхра аныҟо,инхара анеиҿкаау.Убасеиҧш змахәҿа еилҳәаны аус зуа дреиуоуп,фҩык ахшара раб,Аҭара ақыҭа инхо Саид Кәыҵниа.Аџьа дацәаашьом.Асеиҧш згәацҧыҳәаны ақыҭанхара зҭаху дҿырҧшыгоуп ҳаамҭазы.Саид дгәарҭеит агәыҳалалратә еиҿкаара «Барақьаҭ» аусзуҩцәа.Ирыӡбеит идгыларц,ицхраарц.Сима Аргәынҧҳа дыҟан Аҭара,Саид Кәыҵниа иҭаацәараҿы лыбла иабаз деигәырҕьеит,ҳаргьы иаҳзеиҭалҳәеит. Ҳдырраҭараҿы еснагь ҳҽазаҳшәоит еиуеиҧшым аекспертцәа рааҧхьара,имҩаҧысуа ахҭыс хадақәа ахҳәаа рзура,анализ рзыҟаҵара.Даҽаџьара ииашәымган шәҳазҿлымҳаз еснагь.

Media