Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҿы имҩаҧысит аҭҵаарадырра- практикатә семинар.
29.04.2022
496
Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аекономикеи азинҭҵаареи ринститут имҩаҧнагеит Аекономикеи азинтә проблемақәеи Аҧсны аҿиараҿы захьӡу аҭҵаарадырра- практикатә семинар. Уи иалахәын Жәлар реизара адепутатцәа, Аҧсны ахада иусбарҭа ахаҭарнакцәа,аекономикеи ақыҭанхамҩеи рминистрра ахаҭарнакцәа, Гал араион ахаҭарнакцәа, Ҷлоу ақыҭа ахада, иара убас аекономикеи азинҭҵаареи ринститут аусзуҩцәа.